Венесуела акриптовалиута аларгалоит

© Sputnik / Дмитрий Знаменский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода Мира. Каракас. Архивное фото
Города Мира. Каракас. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи аҟны еиҳа ирылаҵәаны иҟоу акриптовалиута – биткоин абҵара 29 рзы арекорд шьақәнаргылеит. Иаразы ирырҭон 11 441 доллар.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5— Sputnik. Николас Мадуро аҳәамҭа ҟаиҵеит Венесуела ахатәы криптовалиутатә система ҟалоит ҳәа. Иара азырхоуп атәыла иазуу афинанстә ҭахкаара аԥыхра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Хуан Висенте Паредес Торреальба Венесуела Ацҳаражәҳәаҩыс Аԥсны дҟаҵоуп

"Венесуела Ахада Николос Мадуро аҳәамҭа ҟаиҵеит Венесуела, El Petro захьӡу ахатәы криптовалиутатә система ҟалоит ҳәа. Иара азырхоуп атәыла иазуу афинанстә ҭахкаара аԥыхра" ҳәа атәыла Ахада иажәақәа ааигоит атәыла афинансқәа рминистр.

Иазгәарҭоит акриптовалиута аҭахны ишыҟоу афинанстә транзакциақәа рымҩаԥгарази аԥаразоужьратә хкқәа рыԥшаарази.

Адунеи аҟны еиҳа ирылаҵәаны иҟоу акриптовалиута – биткоин абҵара 29 рзы арекорд шьақәнаргылеит. Иаразы ирырҭон 11 441 доллар.

Уи ашьҭахь иара ахәԥса 9 001 доллар рҟынӡа илаҟәит, аха нас, еиҭахгьы ихалеит 10 500 доллар рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0