Ниу-Иорктәи ацәгьауҩы деилкаахеит

© AFP 2023 / ANGELA WEISSТеракт в Нью-Йорке
Теракт в Нью-Йорке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ниу-Иорк аҭыԥ змаз аԥжәараан ааха зауз рхыԥхьаӡара иацлеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 — Sputnik. Аполициауаа ишьақәдыргылеит Ниу-Иорк аԥжәара мҩаԥызгаз ауаҩ ихаҭара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Fox News адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Сара ацәгьоуҩы ихьӡ здыруеит, аха макьаназы ауаа рыларҵәара азин сымам. Аполициаа уи дырдыруеит" — иҳәеит ателеканал акорреспондент ишиашоу ицоз аефир аҟны.

Аамҭақәак рышьҭахь Fox News адырра ҟанаҵеит ацәгьауҩы ианеиҵаха быжь-шықәса рҟынӡа Бруклин дынхон ҳәа. Аҽа АИХ адыррақәа рыла иара Бангладеш датәылауаҩуп.

"Ацәгьа иуит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы арԥжәага идиҳәалеит. Иара арԥжәага зеиԥшраз макьаназ ишьақәыргылам" ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Аԥжәара мҩаԥган Манхеттен, автобусаанҿасырҭа аԥхьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0