Урыстәылаа аолимпиада аан амилаҭтә символика рхы ирзархәом

© Sputnik / Гильем Бейкер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпийские кольца, архивное фото
Олимпийские кольца, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аусутә гәын алахәын Лозанна имҩаԥысуаз атехникатә зҵаарақәа рыӡбра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 — Sputnik. Аолимпиадаҟны Урыстәыла еизгоу акоманда алахәылацәа амилаҭтә символика рхы ирзархәом. Усеиԥш адҵа ҟанаҵеит Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы. Абри атәы аанацҳауеит "Р-Спорт".

Олимпиада 2014. Биатлон. Женщины. Эстафета - Sputnik Аҧсны
Шәачатәи Аолимпиада амедалқәа иашаны иранашьамызт ҳәа азыԥхьаӡоуп

Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы анагӡаратә еиҿкаара ԥхынҷкәын 5 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит аолимпиада иалахәхар шрылшо Урыстәыла "ицқьоу аспортсменцәа". Уи иаанаго урҭ адопингтә ҭоурых рымамзароуп. Дара аолимпиада абираҟ иаҵагыланы иқәгылароуп, ирымазароуп астатус ҷыда "Урыстәылатәи аспортсменцәа-аолимпиеццәа" (OAR).

Ирыдыркылаз адокумент инақәыршәаны аспортсменцәа:

Аолимпиатә бираҟ иаҵагыланы иқәгылароуп.

Уи аан — амилаҭтә символика ахархәара амоуроуп; —атәыла агерб, Урыстәыла амилаҭтә еилакы аемблема ԥсахзароуп аолимпиатә мацәазқәа рыла; —"RUS" ԥсаххоит "OAR" ала; — "Russia" "Olympic Athlete from Russia" ала иԥсаххоит; —"Olympic Athlete from" ашрифт "Russia" ашрифт иаҟаразароуп —атауартә дырга "Team Russia" ахархәара аҭахом; —ашрифт англыз бызшәала иҩызароуп; —амилаҭтә бираҟ аԥшшәхәқәа ҩба ахархәара роур алшоит, аха уи азы МОК ақәшаҳаҭхароуп; —абрахь иаҵанакуеит аспортсменцәа, азыҟаҵаҩцәа, аофициалтә хаҿқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0