Кавказтәи ашьхақәа рҟны асноубордист дҭахеит

© AFP 2023 / FABRICE COFFRINIЭкстремальный горнолыжный спуск
Экстремальный горнолыжный спуск - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Краснаиа Полиана иахьаҵанакуа ашьхақәа рҟны дҭахеит асноубордист. Иара ашәҩамҩа даныҵны дықәчыраазуан.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19— Sputnik. Асноубордист дҭахеит Кавказтәи ашьхақәа рҟны. Иара ашәҩамҩа даныҵны уи иазырхиамызт аҭыԥқәа рҟны дықәчыраазуан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Асноубордист дахьҭахаз амҩақәа ыҟам. Уахь ауаа халаӡом. Аиқәырхаратә операциа иалахәын ашьхашәҩатә курорт "Роза Хутор" апатруль", — иҳәеит амаҵзураҟны изыҿцәажәоз.

Акурорт апресс-маҵзураҟны РИА Новости абри аганахь ала адыррақәа аҭара мап ацәыркит, ахҳәаақәагьы ҟарымҵеит, уи азы аусҭҵааратә органқәа рахь шәыдҵаал ҳәа азгәаҭаны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0