Калифорниа амцакра иамҽханакит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото
Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аштат ахы-аҵыхәа, ана-ара амца акит, иааидкылан амцакрақәа фба ыҟоуп, зегьы иреиҳауп ҳәа ирыԥхьаӡоит "Томас" зыхьӡырҵаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 — Sputnik. Калифорниа ахәҭак зымҽхазкыз амцакра "Томас" аштат аҭоурых зегь аҟны мҽхакыла иҩбатәиуп ҳәа азырҳәоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Los Angeles Times адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Уажәы аштат аҟны иҟоу амцакрақәа рхы цәырыргеит ԥхынҷкәын 4 рзы. Амца аҽеибаркра иацхраауеит амшбзиеи иасуа аԥшеи. Уаанӡа иҟаҵаз адыррақәа рыла абарҭ амшқәа рзы амца иалаблит ҩыџьа ауаа, урҭ руаӡәк дымцарцәаҩын.

Калифорниа амцаҿагылареи абнарақәа рыхьчареи рзы аусбарҭа адыррақәа рыла уажәазы амца иамҽханакны иҟоуп 272 000 акр (110 000 гектар) адгьылқәа. Абри аасҭа ишәарҭан, иагьеиҳан ҳәа иԥхьаӡоуп 2003 шықәса рзы иҟаз амцакра. Усҟан амца ркын 273 000 акр (110,4 гектар).

Ԥхынҷкәынмза 19 рзы амцарцәаҩцәа ирылдыршахьеит 55% амцакра арцәара. Иҟоу адыррақәа рыла амцакра макьаназы инагӡаны арцәара аамҭа маҷымкәа иаҭахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0