Путин: Санкт-Петербург иҟалаз аԥжәара – терактуп

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ Владимир Путин
Президент РФ Владимир Путин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥжәара ҟалеит Санкт-Петербургтәи адәқьан "Перекресток" аҩныҵҟа. Арԥжәага амчхара 200 грамм атротил амчхара иаваҟәалоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28— Sputnik. Кондратьевтәи апроспект, аҩ. 44 аҟны аус зуа Санкт-Петербургтәи адәқьан "Перекресток" аҩныҵҟа аԥжәара ҟалеит. Аԥжәараан ааха роуит 13-ҩык, хәҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп. Иаанхаз рыԥсҭазаарақәа урыцәшәартә иҟам.

Владимир Путин Санкт-Петербург иҟалаз аԥжәара – терактуп ҳәа ахиҳәааит.

"Иацы Петербург атеррористтә акт мҩаԥган", — иҳәеит Урыстәыла Ахада Владимир Путин Шьамтәыла арратә операциа иалахәыз аофицарцәа данырԥылоз.

Аԥжәараан ааха роуит 13-ҩык, хәҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп ҳәа лҳәоит Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Анна Митианина.

Уаанӡатәи адыррақәа ԥшьҩык ауааԥсыра ахәышәтәырҭақәа рахь инеиит Петербургтәи адәқьан аҟны иҟалаз аԥжәара ашьҭахь ҳәа акәын ишыҟаз.

Арԥжәага амчхара 200 грамм атротил амчхара иаваҟәалоит.

Ахҭыс инадҳәаланы аусҭҵаара амҩаԥгара иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0