Хмеимими Тартуси абазақәа рҟны атеррористцәа ржәыларақәа аԥырҟәҟәаауп

© Sputnik / ЦОС ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото взрывного устройства
Архивное фото взрывного устройства - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи авиабаза "Хмеймими" Тартус иҟоу аматериал-техникатә еиқәыршәара апункти русура иацырҵоит атеррористцәа ржәылара анаԥдырҟәҟәаа ашьҭахь.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9— Sputnik. Ажьырныҳәа 6 азы Урыстәылатәи авиабаза "Хмеймими" Тартус иҟоу аматериал-техникатә еиқәыршәара апункти атеррористцәа ржәылара анаԥдырҟәҟәаа ашьҭахь русура иацырҵоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Жәаба инарзынаԥшуа ипилотдатәу аппаратқәа (БПЛА) урыстәылатәи авиабаза "Хмеймим" иазааигәахон, аҽа хԥа тартусҟа рхы хан", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Аԥрыгатә аппаратқәа азенит-ракетатә комплексқәа "Панцирь-С" ахархәарала иҭархан.

Иҟан идыртәазгьы. Идыртәаз аппаратқәа ртехникатә експертиза иаанарԥшит атеррористцәа ишрымоу алшара 100 километрак ахьыбжьоу аҟынтәи ажәылара.

Шьамтәыла иҟоу аобиектқәа адронқәа рыла рыжәлара рылшон аспутниктә новигациатә технологиа ҳарак змоу атәылақәа.

Аԥрыгатә аппаратқәа зегьы абиометриатә дырраҟаҵагақәа рықәгылан.

Атеррористцәа ржәылара урыстәылатәи арратә базақәа аматериалтә ԥхасҭа рнамҭеит, аруаа рҟынтәгьы ааха зауз дыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0