Бибилов: Қырҭтәыла амч ахархәара мап ацәнамкӡац

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Южной Осетии А. Бибиловым
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Южной Осетии А. Бибиловым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2008 шықәса рзы нанҳәатәи аибашьра хацзыркыз Қырҭтәыла уаанӡатәи Ахада Михаил Саакашвили ишьҭахьгьы Қырҭтәыла амчрақәа рполитика рмыԥсахӡеит ҳәа азиԥхьаӡоит Бибилов.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла амчра ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра мап ахьацәнакуа шаҳаҭра шауа арҭ ареспубликақәа рганахь ала Қырҭтәыла иахьагьы амч ахархәара аҽшацәхьанамкуа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Адокумент ахцәажәара мҩаԥыргоижьҭеи акрааҵуеит. Москва, Цхинвал, Аҟәа қарҭаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц, аха уаанӡатәи автономтә республикақәа рхьыԥшымра азхазымҵо Қырҭтәыла идҵаны иқәнаргылоит усеиԥш ахыдҵа Урыстәыла ахахьы иагароуп ҳәа. Урыстәыла аимак иалахәу тәылаӡам, асеиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрагьы анапаҵаҩра иаҵагылар акәӡам.

"Иахьатәи аамҭазы Қырҭтәыла азыхианы иҟаӡам амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, уи азы есышықәса Женева имҩаԥысуа аиҿцәажәарақәа рҟны ацәажәара шыҟоугьы. Ҳара ҳзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла амчра ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра мап ахьацәнакуа шаҳаҭра ауеит арҭ ареспубликақәа рганахь ала Қырҭтәыла иахьагьы амч ахархәара аҽшацәхьанамкуа. Ҳәарада ҳара уи агәҭынчымра ҳазцәырнагоит", — иҳәоит Бибилов.

Иахьазы Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадаразы хәдықәҵара шауагьы Қырҭтәыла аганахь ала амч ахархәара ҟалар ауеит ҳәа ашәарҭара ҳамоуп ҳәа азгәеиҭеит Анатоли Бибилов.

Города мира. Женева - Sputnik Аҧсны
Имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 42-тәи рраунд

2008 шықәса рзы нанҳәатәи аибашьра хацзыркыз Қырҭтәыла уаанӡатәи Ахада Михаил Саакашвили ишьҭахьгьы Қырҭтәыла амчрақәа рполитика рмыԥсахӡеит ҳәа азиԥхьаӡоит Бибилов. Избанзар абасеиԥш иҟоу аполитика арежиссиорцәа ахьтәоу Вашингтон ауп ҳәа ишьоит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада.

"Иахьазы асеиԥш ауп ишыҟоу. 10-20 шықәса рышьҭахь Қырҭтәыла аполитика аҽаԥсахыр, ҳәарада ҳаргьы ҳполитика ҳаԥсахуеит, агәылеимабзиаратә ҭагылазаашьа шьақәҳаргылоит", — иҳәеит Бибилов.

Нанҳәа 26 2008шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра. Иахьатәи амш азы уи ахьыԥшымра азхарҵахьеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалоу ф-ҳәынҭқаррак – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу.

Ажәабжьқәа зегьы
0