Урыстәыла алхрақәа раамҭа ааигәахоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание ЦИК РФ
Заседание ЦИК РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса рзтәи алхрақәа рахь Урыстәыла Ахада Владимир Путин ихала ихы ықәиргылоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 — Sputnik. Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа иакьыԥхьит Владимир Путин иалхраԥхьатә финанстә ҳасабырба. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа рыла Путин иахьатәи аамҭазы алхрақәа ирықәихарџьхьеит 21,7 миллион мааҭ.

Ажьырныҳәа 9 рзы, ЦИК асаит аҟны иӡыргоуп апрезидентрахь адепутатцәа 14-ҩык ралхратә фондқәа рлагалақәеи рныхрақәеи рзы адыррақәа.

Абри аамҭазы Путин ифонд ахь иаланагалеит 400,186 миллион мааҭ, аныхрақәа идыртәеит 21,68 миллион. Акомиссиа адырраҭарақәа рҟны иарбоуп 100 000 мааҭ инареиҳаны изықәхарџьу ауснагӡатәқәа.

Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 18 рзы, официалла алхратә компаниа хацыркуп 2017 шықәса ԥхынҷкәын 18 раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0