КНДР аспортсменцәа аолимпиатә хәмаррақәа рҟны иаку абираҟ иаҵагыланы иқәгылоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПредолимпийский Пхёнчхан
Предолимпийский Пхёнчхан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩадатәии Аладатәии Кореиа рмилаҭтә олимпиатә хеилакқәа рделегациақәа рыбжьара ԥшь-ганктәи аиԥылара еиҿыркааит Пхенчхантәи ахәмаррақәа реиҿкааҩцәеи Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилаки.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Аҩадатәии Аладатәии Кореиа рмилаҭтә олимпиатә хеилакқәа рделегациақәа рыбжьара ԥшь-ганктәи аиԥылара еиҿыркааит Пхенчхантәи ахәмаррақәа реиҿкааҩцәеи Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилаки. Абри ашьҭахь ирыдкылаз аӡбра инақәыршәаны КНДР аспортсменцәа Аӡынтәи Аолимпиада 2018 иалахәхоит иҳәеит ЖәАЕ апрезидент Томас Бах. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Сара агәырӷьара ду сызцәырнагоит КНДР аспортсменцәа Пхенчхан имҩаԥысуа аолимпиада иахьалахәхо. Ҳара иҳадаҳкылаз аӡбрала аолимпиада иалахәхоит 22-ҩык аспортсменцәа", — иҳәеит иара.

Аделегациа иара убасгьы иалахәхоит азыҟаҵаҩцәа, аофициалтә хаҿқәа, АИХ рхаҭарнакцәа.

Аолимпиадаҟны КНДР аспортсменцәеи Аладатәи Кореиа аспортсменцәеи иаку Кореиа абираҟ еицаҵагыланы иқәгылоит. Агимн ацынхәрас инарыгӡоит ашәа "Ариранг".

Бах иазгәеиҭеит асеиԥш, ҩ-олимпиатә командак акны ианықәгыло, раԥхьаӡа шакәу.

КНДР аспортсменцәа аҵаақәышьқьырра, шорт-трек, аҩратәи ашьхатәи шәҩақәа, аҳәса рхоккеи ирылахәхоит.

Аҩада Кореиа аделегациа Олимпиатәи аҳаблахь инеиуеит жәабран 1 азы. Аспортсменцәа антидопингтә хылаԥшра рзухоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0