Ацентртә алхратә комиссиа анапаҵаҩрақәа уаҳа иаднакылом

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПередача подписей в поддержку регистрации Г. Явлинского на выборах президента РФ
Передача подписей в поддержку регистрации Г. Явлинского на выборах президента РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 10 рҟынӡа акомиссиа акандидатцәа зегьы аҭаҩра рнаҭароуп, урҭ иааргаз анапаҵаҩрақәа аныҭҵааха ашьҭахь.

АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik. Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа акандидатцәа рзы еизгоу анапаҵаҩрақәа рыдкылара хнаркәшеит ахашаҽны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Жәабран 10 рҟынӡа акомиссиа акандидатцәа зегьы аҭаҩра рнаҭароуп, урҭ иааргаз анапаҵаҩрақәа аныҭҵааха ашьҭахь. Абри аан ахархәара рыҭахоит атехника ҷыдеи анапҩымҭа-експертцәеи. Агәаҭарақәа рышьҭахь акандидатцәа ҭарыҩуоу иҭармыҩуоу азы аӡбра рыдыркылоит.

Заседание ЦИК РФ - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла алхрақәа раамҭа ааигәахоит

Макьаназ аҭаҩра зҭоу ЛДПР ахада Владимир Жириновскии Ленин ихьӡ зху асовнхара адиректор Павел Грудинин (КПРФ) роуп. Урҭ аҩыџьа апарламенттә партиақәа рҟынтәи иқәгылоуп азы анапаҵаҩымҭақәа реизгара рҭахны иҟамызт.

Егьырҭ акандидатцәа алхыҩцәа рыдгылара рҭаххоит. Апарламент иалам апартиақәа рҟынтәи иқәгыло акандидатцәа 100 000 еиҵамқәа анапаҵаҩымҭақәа еизыргароуп. Зхала зхы ықәзыргыло ракәзар, 300 000 еиҵамкәа адгылаҩцәа рымазароуп.

Зегь раԥхьа анапаҵаҩымҭа шәҟәқәа акомиссиахь инеигеит Владимир Путин.

Уи ишьҭанеит апартиа "Яблоко" аиҳабы Григори Иавлински, Борис Титов "Партия Роста" аҟынтәи, Сергеи Бабурин "Российский общенародный союз" аҟынтәи, Ксениа Собчак апартиа "Гражданская инициатива" аҟынтәи, Максим Сураикин "Коммунисты России" аҟынтәи.

Урыстәыла Ахада иалхра мҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса хәажәкыра 18 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0