Жәларбжьаратәи антидопингтә маҵзура агәынамӡарақәа аанарԥшуеит

Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи антидопингтә маҵзура (WADA) агәынамӡара аанарԥшуеит CAS аспортсменцәа 28-ҩык 11-ҩык атлетцәа иахьрыларымкыз, урҭ "Урыстәыла адопинг программа асистема" ишаҵанакуагьы.

АҞӘА, жәабран 2 — Sputnik. Жәларбжьаратәи антидопингтә маҵзура (WADA) Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы (МОК) аӡбра иадгылоит. Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет гәҭакны иамоуп Аспорт азы абжьаҟазаратә ӡбарҭа (CAS) швеицариатәи афедералтә ӡбарҭаҿ 28-ҩык аспортсменцәа ахара ахьрыхнахыз аҿагылара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, WADA аофициалтә саит адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Олимпиада 2014. Церемония награждения. Тринадцатый день - Sputnik Аҧсны
Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аспортсменцәа ариашеит

Амаҵзура абри аӡбра аспортсменцәа рыбжьара аилибамкаара цәырнагоит ҳәа иаԥхьаӡоит.

WADA арелиз аҿы иҳәоуп Урыстәылатәи аспортсменцәа аҽа 11-ҩык антидопинг ԥҟаррақәа еиларгеит ҳәа ахара рыдҵаны рыԥсы ҭанаҵы Аолимпиатә хәмаррақәа рылахәра азин рымхын, аха аӡбарҭа, уи ацынхәрас, Пхенчхан 2018 шықәса рзы имҩаԥысуа ахәмаррақәа рылахәра мацароуп ззин рымнахыз ҳәа.

"Амаҵзура Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет агәҭакы иадгылоит, аҭагылазаашьа инарҭбааны иҭҵаазарц, Швеицариатәи афедералтә ӡбарҭа аӡбрагьы абрахь иналаҵаны" ҳәа аҳәоит арелиз аҟны.

Уаанӡа Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы Шәачатәи аолимпиада иалахәыз 28-ҩык аспортсменцәа антидопинг ԥҟаррақәа еиларгеит ҳәа ахара рыдҵаны рыԥсы ҭанаҵы Аолимпиатә хәмаррақәа рылахәра азин рымхны иргаз амедалқәагьы иашамкәа иранашьан ҳәа ишьақәнаргылахьан. Убри иахҟьаны Урыстәыла 13 медал ацәыӡит, иацәыӡит актәи аҭыԥгьы. Аӡбра рыдкылан Денис Освальд знапхгараҿы дыҟаз Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы акомиссиа аусурақәа ирылҵшәаны.

Уажәы Аспорт азы абжьаҟазаратә ӡбарҭа (CAS) 28-ҩык урыстәылатәи аспортсменцәа рапелиациа аҭакс Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аӡбра аԥнахит. Убри инақәыршәаны урҭ аспортсменцәа ироуеит алшара Аолимпиада-2018 Пхенчхан иалахәхарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0