Дамаск Урыстәылатәи ахәаахәҭра ахаҭарнакра иеихсит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото вида на Дамаск с горы Кассион
Архивное фото вида на Дамаск с горы Кассион - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дамаск иҟоу, иахьазы аус зымуа, аха адипломатиатә иммунитет змоу Урыстәылатәи ахәаахәҭра ахаҭарнакра иеихсит аҩашаҽны.

АҞӘА, жәабран 7— Sputnik. Аминамиотқәа рыла, Дамаск иҟоу, иахьазы аус зымуа, аха адипломатиатә иммунитет змоу Урыстәылатәи ахәаахәҭра ахаҭарнакра иеихсит аҩашаҽны. Ԥсыҭбара ҟамлеит, аха ахыбра аԥхасҭа аҭоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ԥсыҭбара ҟамлеит, аха ахыбра аԥхасҭа аҭоуп. Ҳақәыӡбоит атеррористцәа рхымҩаԥгашьа, Шьамтәыла аҳҭнықалақь аҟны аҵыхәтәантәи аамҭазы, аҭынч уааԥсыра ирҿагыланы имҩаԥыргахьоу аусқәа ирхыԥхьаӡаланы ҳахәаԥшуеит ахаҭарнакра аиеихсрагьы" ҳәа аҳәоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз адырраҭараҟны.

Уаанӡа РИА Новости адырра арҭахьан аҩашаҽны Дамаск атәыла ахада итәарҭа араион иалахысит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0