Биткоин ахәԥса еиҭах ихалеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКриптовалюта биткойн
Криптовалюта биткойн - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәынмзазтәи биткоин ахәԥса иадкыланы аҵыхәтәантәи аамҭазы иара 6000 доллар инареиҵаны икаҳан иҟан.

АҞӘА, жәабран 7— Sputnik. Адунеи аҟны еиҳа алаҵәара зауз акриптавалиута биткоин (bitcoin) ааигәатәи ахәаахәҭрақәа рҟны ахәԥса акаҳара аиҭакра иаҿуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Биткоин - Sputnik Аҧсны
Биткоин ахәԥса лаҟәит

Апортал CoinMarketCap адыррақәа рыла 8.17 мск рзы биткоин 18,5% ихалеит, иартәеит 7,459 нызқь доллар. Абирж Bitfinex аҟны акриптовалиута ахәԥса 19,3% ихалеит, иагьартәеит 7,458 нызқь доллар, OKEx аҟны — 21,6% ихалеит, иартәеит 7,48 нызқь доллар. Апортал Coindesk адыррақәа рыла биткоин ахәԥса лаҟәит 2,6%, иартәеит 7,497 нызқь доллар.

Рыхәԥсақәа халоит егьырҭ акриптовалиутақәагьы: Ethereum ахәԥса 22,7% ихалеит, иартәеит 748,83 доллар, Ripple — 17,1%, иартәеит 0,73 доллар, Bitcoin Cash — 14,6%, иартәеит 934,96 доллар.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы абанктә гәыԥқәак ркредиттә картақәа рыла акриптавалиута аахәара азин ааныркылеит. Абиратәыаарыцҳауеит америкатәи JPMorgan Chase, Bank of America, Citigroup, британиатәи Lloyds Banking Group, Virgin Money. Акриптавалиутаз ауадаҩрақәа ыҟан Индиеи Китаии.

Ажәабжьқәа зегьы
0