Флоридатәи ашколқәа руак аҟны ахысрақәа ҟалеит

© Sputnik / Али Кямал / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНеизвестный открыл стрельбу в Азербайджанской нефтяной академии
Неизвестный открыл стрельбу в Азербайджанской нефтяной академии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполициа амаҵзуҩцәа ишышьақәдыргылаз ала Флоридатәи ашколқәа руак аҟны ахысрақәа ҟалеит. Ихысуаз аҵаратә усҳәарҭа аҵаҩы уажәазы иԥшаара иаҿуп ҳәа аанацҳауеит ателеканал WSVN.

АҞӘА, жәабран 15— Sputnik. Аполициа амаҵзуҩцәа ишышьақәдыргылаз ала Флоридатәи ақалақь Паркленд ашколқәа руак аҟны ахысрақәа ҟалеит. Аӡәы дшьуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҭыжьымҭа Miami Herald адыррақәа ҵаҵӷәны иҟаҵаны.

Аҭыжьымҭа ишаҳәо ала заҟаҩ шьыҵәҟьо макьаназ ишьақәыргылам, ихәу рхыԥхьаӡара 20-50-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Амцарцәара-аиқәырхаратә маҵзурақәа ауаа ацхыраара рырҭоит, изыхәҭоу амедицинатә усҳәарҭақәа рахь инаргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0