Аԥсны алхратә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацҵахоит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБилборд с символикой выборов президента РФ 2018.
Билборд с символикой выборов президента РФ 2018. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса хәажәкыра 18 рзы. Аԥсны атәылауаа, урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змоу ирымоуп алшара ареспублика иахьаҵанакуа иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа 16 рҟны рыбжьы рҭиирц.

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Израили, Аԥсни, Молдавиеи абжьы аҭаратә ҭыԥқәа ирыцҵаны раартра азгәаҭоуп Урыстәыла ахада иалхрақәа рзы, иҳәеит Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа алахәыла Васили Лихачев ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥшьаша, жәабран 15 рзы Ацентртә алхратә комиссиаҟны имҩаԥган ИАР атәылақәеи, Балтиа атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Израили, Финлиандиеи, Швециеи, Норвегиеи рҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхразы ауснагӡатәқәа реиҿкаара хылаԥшра азҭо урыстәылатәи адипломатиатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рԥылара.

"Ицәырҵит азҵаара: Аԥсны, Израиль, Молдова иҟоу абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа разымхара. Иазгәаҭан арҭ азҵаарақәа мышқәак рыла рыӡбара шалшо, уи азы иахәҭаны иҟоу азиндырратә ӡбарақәа шрыдыркыло", — ҳәа еиҭеиҳәоит Лихачев аиԥылара далацәажәо.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 144 адунеи атәылақәа рҿы еиҿыркаахьеит 385 алхырҭатә ҭыԥқәа. Уаҟа рыбжьы арҭарц рылшоит иааиԥмырҟьаӡакәа аҳәаанырцә инхои алхрақәа рымш аҽны уа иҟоу Урыстәыла атәылауаа.

Иахьазы Молдавиа аусура иазыхиоуп 27 алхратә ҭыԥ, Аԥсны — 19, Израиль — 13.

Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа ахада Елла Памфилова иазгәалҭеит аҳәаанырцә иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 400 рҟынӡа рхагалара шалшо.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса хәажәкыра 18 рзы. Аԥсны атәылауаа, урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змоу ирымоуп алшара ареспублика иахьаҵанакуа иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа 16 рҟны рыбжьы рҭиирц.

Ажәабжьқәа зегьы
0