Трамп акосмостә армчқәа аԥҵахар алшоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

© REUTERS / Joshua RobertsПрезидент Америки Дональд Трамп
Президент Америки Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ (США) егьырҭ атәылақәа реиԥш арҿиара арҭоит ақәыларатәии ахыхьчаратәии космостә системақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 14 — Sputnik. ЕАШ (США) егьырҭ атәылақәа реиԥш арҿиара арҭоит ақәыларатәии ахыхьчаратәии космостә системақәа. Ааигәа Америка апрезидент Дональд Трамп акосмостә армчқәа аԥҵахар алшоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Акосмос аганахь ала амилаҭтә стратегиа ҿыц иазханаҵоит акосмостә ҵакыраҿы адгьыл аҿы, аҳауаҿ, аӡаҿы еиԥш аибашьрақәа мҩаԥгахар шалшо. Иаԥҵахар алшоит акосмостә аррамчқәа. Аҳауатә аррамчқәа ҳамоуп, амшынтә флот ҳамоуп — иҳауеит акосмостә мчқәа", — иҳәеит Трамп Калифорниа иқәгылараҿы.

Уаанӡа Пентагон ахаҭарнакцәа арратә мчра ҿыцқәа раԥҵара мап ахырҳәаахьан. Дара ргәаанагарала уи алҵшәақәа иахҭынҵо иаԥсахом.

Ажәабжьқәа зегьы
0