"Мҽхакыҭбаатәи адиктант" онлаин уҽазыҟауҵар алшоит

© Sputnik / Evgenya NovozheninaАрхивное фото студентов
Архивное фото студентов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 21 рзы ихацыркхо "Мҽхакыҭбаатәи адиктант" азыҟаҵаратә онлаин курсқәа рыла аҩра уҽазыҟауҵар алшоит.

АҞӘА, хәажәкыра 20— Sputnik. Хәыда-ԥсадатәи хәажәкыра 21 рзы ихацыркхо "Мҽхакыҭбаатәи адиктант" азыҟаҵаратә онлаин курсқәа рыла аҩра уҽазыҟауҵар алшоит ҳәа аанцҳауеит РИА Новости.

Акурсқәа мҩаԥыслоит хашала, москватәи аамҭа 15:00 сааҭи 19:00 сааҭи рзы апроект аофициалтә саит аҿы. "Мҽхакыҭбаатәи адиктант" акәзар имҩаԥгахоит мшаԥымза 14 рзы.

Аҽазыҟаҵаратә курсқәа рҳәаа иҭагӡаны акциа алахәылацәа ироуеит алшара аԥҟаррақәа реиҭаргәалашәара. Ишиашоу ицо аефир аҿы акциа алахәылацәа ирылшоит акциа Аексперттә хеилак ахаҭарнакцәа азҵаарақәа рыҭара.

"Уаанӡатәи ашықәсқәа рстатистика иаҳнарбеит онлаин-курсқәа рахь аинтерес ду шыҟоу. Есышықәса иара алахәылацәа ирыцлоит 2-3 нызқьҩык. 2017 шықәсазы акурсқәа ирылахәын 112000-ҩык ауааԥсыра. Акурсқәа ауаа рдырра арыцырҵоит", — ҳәа лыҩуеит апрект анапхгаҩы Ольга Ребковец.

"Мҽхакыҭбаатәи адиктант" есышықәса имҩаԥырго рҵаратә акциоуп.

Раԥхьаӡа акәны адиктант мҩаԥган 2004 шықәса рзы Новосибирск. "Мҽхакыҭбаатәи адиктант-2018" мҩаԥгахоит мшаԥымза 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0