Британиа Европа атәылақәа ирыднагалоит урыстәылатәи адипломатцәа мап рцәыркырц

© AFP 2023 / JUSTIN TALLISФлаг Великобритании на фоне часов Вестминстерского дворца в Лондоне.
Флаг Великобритании на фоне часов Вестминстерского дворца в Лондоне. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыжьымҭа Bloomberg иаиуз адыррақәа рыла Британиа ду амаӡаԥшыхәратә документқәа рцәыргара агәҭакуп Европа атәылақәа "Скрипаль иус" аҿы Урыстәыла ахара шамоу днардырырц.

АҞӘА, хәажәкыра 22— Sputnik. Британиа ду Аԥыза-министр Тереза Меи илҭахуп Европа егьырҭ атәылақәагьы Москва ахара адырҵарц, ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипали иԥҳаи рус иахырҟьаны урыстәылатәи адипломатцәа атәылақәа ирылырцарц. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости Bloomberg адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Посольство Российской Федерации в Варшаве. - Sputnik Аҧсны
"Скрипаль иус": Польшаа урыстәылатәи адипломатцәа атәыла иалырцар алшоит

Уи адагьы Аԥыза-министр Евроеидгыла асаммит аҟны аҳәамҭа ҟалҵеит "Урыстәыла апроблема шықәсыла аҭыԥқәҵара шамоуа", Москва акәзар Европа зегьы азы ашәарҭара шахылҵуа.

"Британаиатәи ачынуаа аҳәамҭа ҟарҵоит адунеи зегьы Урыстәыла иадырдырыр шакәу ахымҩаԥгашьа ҭакда ишаанымхо", — ҳәа аҳәоит амаҵзура адырра.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипаль ахәшә иҭан дшьын.

Ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0