Ашьапылампыл азы ачемпионат аӡбаҩцәеи рыцхырааҩцәеи рыхьӡ ҳәоуп

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрбитр проводит линию перед игроками. Архивное фото
Арбитр проводит линию перед игроками. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы ачемпионат аӡбаҩцәеи рыцхырааҩцәеи рыхьӡ ҳәоуп. Аӡбаҩ хадацәа ирыцхраараны иҟоуп 63-ҩык асистентцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Ашьапылампыл азы жәларбжьаратәи Афедерациа (ФИФА) 36-ҩык аӡбаҩцәа хадацәа рыхьӡ рыланаҳәеит. Дара 2018 шықәсазтәи ашьапылампыл азы ачемпионат амаҵ руеит ҳәа арбоуп аиҿкаара апресс-релиз аҿы.

36-ҩык аӡбаҩцәа дрылахәуп ачемпионат аԥшәмацәа рхаҭарнак: Сергеи Карасев.

Стартовала продажа билетов на ЧМ-2018 в России - Sputnik Аҧсны
Шәача иазгәарҭоит ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат алагара

УЕФА аҟынтәи — Феликс Брых (Германиа), Джиунеит Чакыр (Ҭырқәтәыла), Бьорн Кеиперс (Нидерланды), Шимон Марчиниак (Польша), Антонио Мигель Матеу Лаос (Испаниа), Милорад Мажич (Сербиа), Джанлука Рокки (Италиа), Дамир Скомина (Словениа), Клеман Тиурпен (Франциа);

Океаниа ашьапылампыл Аконфедерациа аҟынтәи — Меттиу Конгер (Новаиа Зеландиа), Норберт Хауата (Таити);

Аладатәи Америка ашьапылампыл Аконфедерациа аҟынтәи — Жулио Баскуниан (Чили), Енрике Касерес (Парагваи), Андрес Куниа (Уругваи), Нестор Питана (Аргентина), Сандро Риччи (Бразилиа), Вилмар Ролдан (Колумбиа);

Азиатәи ашьапылампыл Аконфедерациа аҟынтәи — Фахад Аль Мирдаси (Саудтәи Аравиа), Алиреза Фагани (Иран), Равшан Ирматов (Узбекистан), Мохаммед Абдулла Мохамед (ОАЕ), Сато Риудзи (Иапония), Наваф Шукралла (Бахреин);

Африкатәи ашьапылампыл Аконфедерациа аҟынтәи — Мехди Абид Чареф (Алжир), Маланг Дидхиу (Сенегал), Бакари Гассама (Гамбиа), Гехад Гриша (Египет), Джанни Сиказу (Замбиа), Бамлак Тессема (Ефиопиа);

Аҩадатәи Америкеи ацентртә Америкеи Карибтәи абассеини ршьапылампыл Аконфедерации аҟынтәи — Хоель Агилар (Сальвадор), Марк Геигер, Джеир Марруфо (США), Рикардо Монтеро (Коста-Рика), Джон Питти (Панама), Сесар Артуро Рамос Паласуелос (Мексика).

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥгахоит Урыстәыла, 2018 шықәса рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа, ақалақьқәа: Москва, Калининград, Санкт-Петербург, Волгоград, Казань, Нижни Новгород, Самара, Саранск, Ростове-на-Дону, Екатеринбург, Шәача рҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0