Кореиа уаанӡатәи апрезидент 24 шықәса лықәырҵеит акоррупциазы

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Южной Кореи Пак Кын Хе, фото из архива
Президент Южной Кореи Пак Кын Хе, фото из архива - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пак Кын Хе даанкылан 2017 шықәса хәажәкырамза анҵәамҭазы. Лара 18 пункт ирықәшәо ахара лыдҵан.

АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Акоррупциаз иаанкылаз Аладатәи Кореиа уаанӡатәи апрезидент Пак Кын Хе 24 шықәса ҭакрала лхыгара лықәырҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Абри аҩыза аӡбра аднакылеит Сеул аӡбарҭа хада.

Аладатәи Кореиа уаанӡатәи апрезидент Пак Кын Хе ахара лыдырҵеит 18 рҟынтәи 16 пункт рыла: акоррупциа, аҵарҭышагара, амаҵзура ахархәара у.у.е.

Аӡбарҭа иара убасгьы ишьақәнаргылеит Пак Кын Хе 18 миллиард кореиатә вон (16,8 миллион доллар) лшәарц.

Пак Кын Хе даанкылан 2017 шықәса хәажәкырамза анҵәамҭазы. Лара 18 пункт ирықәшәо ахара лыдҵан.

Апрокурор даҳәон лара ҭакрыла 30 шықәса лықәҵазарци штраф ҳасабла 118,5 миллиард кореиатә вон (95 миллион доллар) лшәарци.

Акоррупциатә ҭыӡшәа иахҟьаны Пак Кын Хе аҳәынҭқарра анапхгара азин лымхын 2017 шықәса хәажәкыра 10 рзы Аконституциатә ӡбарҭа аӡбрала. 2017 шықәса лаҵарамза 9 рзы Мун Чже Ин Аладатәи Кореиа апрезидентс далхын.

Ажәабжьқәа зегьы
0