Нальчиктәи аџьармыкьа хада абылра иаҿуп

© Sputnik / Василий Батанов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСотрудники МЧС РФ.
Сотрудники МЧС РФ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нальчиктәи аџьармыкьа хада аҟны амцарцәара иалахәуп АҶА аусзуҩцәа 70-ҩыки атехника ҷыдеи.

АҞӘА, мшаԥы 16— Sputnik. Нальчиктәи аџьармыкьа хада аҟны амца иамҽханакны иҟоуп 2 нызқь метр ԥшьыркца ҳәа аанацҳауеит Ҟабарда-Балкариа АҶА аусбарҭа.

Пожар в торговом центре «Зимняя вишня» в Кемерово - Sputnik Аҧсны
"Зимняя вишня" ахыбра закәан шьаҭа амамкәа иргылан

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ашәахьа ашьыжь амца акын 600 метр ԥшьыркца иахьаҵанакуаз аҭыԥ.

Амца ахы ыҵнахит ахәаахәҭратә павильонқәа руак аҟны.

Иҟоу адырраҭарақәа рыла уаҩԥсы ԥырхага имоуит, амцарцәара иалахәуп АҶА аусзуҩцәа 70-ҩыки атехника ҷыдеи.

Хәажәкыра 25 рзы Кемерово ақалақь аҟны иҟаз ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня"аҟны иҟалаз амцакра иаланҵәеит 64-ҩык ауааԥсыра. Абри ашьҭахь Урыстәыла ахы-аҵыхәа ихацыркын агәаҭарақәа, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы амца аҽацәыхьчара аҭагылазаашьа шыҟоу азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0