"Большая семерка" Британиа иадгылоит

© AFP 2023 / Ben STANSALLСледственные мероприятие в Солсбери
Следственные мероприятие в Солсбери - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Большая семерка" иаҵанакуа атәылақәа рдипломатиатә усбарҭақәа Москва дҵаны иазықәдыргылеит апрограмма "Новичок" аӡбахә арзара.

АҞӘА, мшаԥы 17— Sputnik. "Большая семерка" иаҵанакуа атәылақәа рдипломатиатә усбарҭақәа Москва дҵаны иазықәдыргылеит апрограмма "Новичоки" Солсбери аҭыԥ змаз ахҭыси рыӡбахә арзара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Большая семерка" атәылақәа ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль иус аганахь ала Британиа апозициа иадгылоит.

"Ҳара ҳақәыӡбоит Урыстәыла иахьа уажәраанӡа британиатәи аиҳабыра рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара иахьахымыццакуа. Уи аҽазныкгьы иаанарԥшуеит аус аҭҵаара шаҭаху, ааԥхьарагьы ҟаҳҵоит Урыстәыла Солсбертәи ахҭыс азы иқәҳаргыло азҵаарақәа зегьы ныҭкааны рҭак ҟанаҵарц" ҳәа арбоуп атәылақәа рҳәамҭаҿы.

Мшаԥымза алагамҭазы еилкаахеит ЕАШ (США) Аконгресс Урыстәыла аганахь ала аԥкырақәа реизга шазнархиаз. Урҭ инарықәыршәаны Урыстәыла аҳәынҭқарратә уал аганахь ала иарбанызаалак аоперациақәа рымҩаԥгара ԥкхон.

Сотрудники экстренных служб на месте, где был обнаружен Сергей Скрипаль с дочерью Юлией в Солсбери - Sputnik Аҧсны
Лавров: Скрипалиаа ирырҭаз ахәшә BZ ауп

Аԥкра иаҵанакит урыстәылатәи абанк дуқәа: Аҵәахырҭатә банк, ВТБ, Газпромбанк, Банк Москвы, Россельхозбанк, Промсвиазьбанк, Внешекономбанк.

Асеиԥш аӡбра ҵаҵӷәыс иазцәырган ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль ашҳам-хәшәы иҭара Урыстәыла алахәызшәа иҟаз агәаанагара.

Иара убри аан, Москва швеицариатәи ақалақь Шпиц аҟны иҟоу арадиологиатәии ахимикорадиологиатәии анализ ҟазҵо ацентр аҟынтәи иаиуит Солсбертәи аҭҵаарақәа рҭак. Шпиц аҟны иҟоу арадиологиатәии ахимикорадиологиатәии анализ ҟазҵо ацентр аинформациала Скрипалиаа ирырҭаз ахәшә-маҭәашьар Америкеи Британиеи рырратә мчрақәа рҟны ахархәара змоу BZ ауп.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәеит СССРи Урыстәылеи ари амаҭәашьар ҭрыжьуам ҳәа, "Скрипалиаа ирырҭаз ахәшә-маҭәашьар Америкеи Британиеи рырратә мчрақәа рҟны ахархәара змоу BZ ауп. СССРи Урыстәылеи ари амаҭәашьар ҭрыжьуам" иҳәеит иара.

Британиатәи Солсбери аҿы хәажәкыра 4 рзы ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипали иԥҳа иулиеи ахәшә-маҭәашьар рыҭан. Лондон уи Урыстәыла иҭрыжьыз амаҭәашьар А-234 ауп ҳәа иқәгылеит. Москва акәзар уи мап ацәнакит.

Ажәабжьқәа зегьы
0