"Скрипальраа рус" азы Лондон аҭак Москва иагәамԥхеит

© AFP 2023 / Lex van LieshoutШтаб квартира ОЗХО
Штаб квартира ОЗХО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Скрипальраа рус" аганахь ала Москва иқәнаргылаз азҵаарақәа рҭакқәа ныҭкааны иҟарымҵеит Британиаа.

АҞӘА, мшаԥы 24 — Sputnik. "Скрипальраа рус" аганахь ала Москва иқәнаргылаз азҵаарақәа рҭакқәа ныҭкааны иҟарымҵеит Британиаа ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

Аацҳамҭа ҵаҵӷәыс иаиуит ахимиатә бџьар мап ацәкразы Аиҿкаара аҟны иҟоу Урыстәыла ахаҭарнакра адырраҭара.

Министр иностранных дел России Сергей Лавров, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Лавров урыстәылатәи адипломатцәеи "Скрипаль иуси" реидҳәалара ахҳәаа аиҭеит

"Анализ иныҭкааны аҟаҵаразы аамҭа аҭаххоит. Ишаабаз ала ҳазҵаарақәа рҭак аҟаҵара иазыхиам", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Москва Лондонҟа азҵаара-зыҳәа нанашьҭит мшаԥы 13 рзы. Аҭак иазыԥшын мшаԥы 17 рзы, аха Лондонынтәи уи аҭак ҟаҵан мшаԥы 23 рзы.

Уаанӡа, ахимиатә бџьар мап ацәкразы Аиҿкаара аҟны иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак Александр Шульгин иазгәеиҭехьан "Лондон Скрипальраа рус аганахь ала иаартны ацәажәара" ҳәа.

ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипальи иԥҳа Иулиеи мшаԥы 4 рзы рхы рзымдыруа ирбеит. Иҟаз агәаанагарақәа рыла урҭ ахәшә-шҳам рыҭан. Ахара ахараҵан Москва.

Ажәабжьқәа зегьы
0