Чернобыльтәи арыцҳара иаланҵәаз ргәалашәараз амитинг Москва имҩаԥысит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧернобыльская атомная электростанция
Чернобыльская атомная электростанция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 26 рзы иазгәарҭоит Чернобыльтәи арыцҳара иаланҵәаз рымш.

АҞӘА, мшаԥы 27 — Sputnik. Чернобыльтәи АЕС аҿы аԥжәара ҟалеижьҭеи 32-шықәса аҵра амш аҽны Москва, Митинтәи аԥсыжырҭаҿы еизеит 2,5 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Дара арахь иааиит Чернобыльтәи АЕС аҿы аԥжәара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз ргәаладыршәарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иҭахаз рмемориал амҵан ишьҭаҵан ашәҭшьыҵәрақәа.

Чернобыльтәи АЕС аҟны аԥжәара ХХ-тәи ашәышықәсаз зегь раасҭа идууз техногентә рыцҳараны ишьоуп иҳәеит амитинг аҿы иқәгылаз Урыстәыла АҶА ахада ихаҭыԥуаҩ Павел Барышев. Барышев иазгәеиҭеит аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа еиҳагьы иҭбаахар шалшоз ауааԥсыра рфырхаҵара, ргәымшәара акәымзар.

АҶА адыррақәа рыла 1986 — 1990 шш. рзы АЕС азонахь аусурақәа ирыдыԥхьалан 800 000-ҩык ауааԥсыра. 90 000-ҩык рҟынӡа иранашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, 14-ҩык СССРи Урыстәылатәи Афедерациеи Рфырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵан.

Иахьазы амедицинатә регистр аҿы иҭаҩуп 600 000-ҩык аликвидаторцәа.

Чернобыльтәи АЕС аҟны аԥжәара ҟалеит мшаԥы 26 1986 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0