Путин асанкциақәа хра рыманы ибоит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В.Путин
Президент РФ В.Путин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аганахь ала иалагалоу асанкциақәа рымацара атәылаҿ ааглыхра атехнологиа ҳарак змоу аусхкқәа рыҿиара иацхраауа ракәны инымхароуп ҳәа азиԥхьаӡоит Урыстәыла Ахада Владимир Путин.

АҞӘА, мшаԥы 27 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Урыстәыла аректорцәа Реидгыла аилатәараҿы иқәгылараан иазгәеиҭеит америкатәи асанкциақәа афеида рыланы дышрыхәаԥшуа, избанзар урҭ ирыхҟьаны атәыла аҩныҵҟа аҿиара роуит зтехнологиақәа ҳараку ааглыхра усхкқәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Московский Кремль. - Sputnik Аҧсны
G7 атәылақәа асанкциақәа ҳарӷәӷәоит ҳәа Урыстәыла адырра арҭеит

Иара убри аан Урыстәыла аганахь ала иалагалоу асанкциақәа рымацара атәылаҿ ааглыхра атехнологиа ҳарак змоу аусхкқәа рыҿиара иацхраауа ракәны инымхароуп ҳәа азиԥхьаӡоит Урыстәыла Ахада Владимир Путин.

Атәыла Ахада иазгәеиҭоит асеиԥш иҟоу анаука-ҭҵааратә проектқәа абизнес ду рыдыԥхьалатәуп ҳәа.

"Анцәа иџьшьаны асанкциақәа ахьҳахәақәоугьы ыҟоуп. Ҳхала ҳхы ҳамыхәар шамуа ҳдырбеит. Иара убри аан аҩныҵҟатәи амеханизмқәа раԥҵара аҭахны иҟоуп", — иҳәеит атәыла Ахада.

Иара иазгәеиҭеит атәылаҿ иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа аусура убасеиԥш еиҿкаатәуп – урыстәылатәи аилахәыра дуқәа аҭыԥантәи аҭҵаарадырреи иреиҳау ашколи рылшарақәа рбартә еиԥш ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0