Атеррорист актқәа мҩаԥган Афганистан

© Sputnik / JAKНа месте взрыва в Кабуле, Афганистан
На месте взрыва в Кабуле, Афганистан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АИХ иҟарҵаз адыррақәа рыла ахәрақәа роуит 49-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, мшаԥы 30 — Sputnik. Афганистан аҳҭнықалақь Кабул аҭыԥ змаз аԥжәаарқәа ирыхҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 25-ҩык рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал 1TV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

АИХ иҟарҵаз адыррақәа рыла ахәрақәа роуит 49-ҩык ауааԥсыра.

АИХ иҟарҵо аинформациақәа рыла ашәахьа ашьыжь Кабул аԥжәарақәа ҩба аҭыԥ рыман. Урҭ мҩаԥызгаз атеррорист-аҽшьҩы иоуп.

Аҩбатәи аԥжәара аҭыԥ аман актәи аԥжәара аныҟала ашьҭахь 20 минуҭ ааҵуаны. Аҭыԥқәа рахь инеиит ажурналистцәа, ацхыраара ласы амаҵзуцәа, аполициауаа.

Аҩбатәи аԥжәараан иҭахеит ажурналистцәа быжьҩык, урҭ рыбжьара Франс Пресс амаҵзура афотоҭыхыҩгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0