Урыстәылатәи атуристцәа ахақәиҭтәыҩцәа рбаҟа ахьымӡӷ аргара аԥдырҟәҟәааит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Вена
Города мира. Вена - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вена игыло асовет еибашьцәа-ахақәиҭтәыҩцәа рбаҟа 2018 шықәса иалагӡаны ҩынтә ашәыга агәыдырҭәалахьеит.

АҞӘА, лаҵара 2 — Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа ахақәиҭтәыҩцәа рбаҟа ахьымӡӷ аргара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Адырраҭараҿы иҳәоуп лаҵара 1 ауха урыстәылатәи атуристцәа Шварценбергплатц ашҭаҿ игыло абаҟа ааигәара итәаны рыԥсы ршьон ҳәа. Асааҭ 22:20 ашьҭахь абаҟа зыхьчо аполициауаа рҭыԥ анаанрыжь ашьҭахь абаҟахьы инеиит ҩыџьа аҷкәын қәыԥшцәа, ашәыга еиқәаҵәа зҭаз аԥаҭлыка рыманы. Атуристцәа урҭ ԥхарҵеит.

Атуристцәа абри атәы Австриа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь инеины еиҭарҳәеит.

Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа аполициаа иддырдырит, иагьазгәарҭеит абаҟа ааигәара авидиорбагақәа шықәыргылатәу азы.

Вена агәҭа, Шварценбергплатц ашҭаҿ игыло асовет еибашьцәа рбаҟа 2018 шықәса иалагӡаны ҩынтә ашәыга агәыдырҭәалахьеит.

Австриа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа изныкымкәа и азгәанаҭахьеит абаҟа ааигәара авидиорбагақәа шықәыргылатәу азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0