Украина Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа арҭбааит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКиев
Киев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи Рхеилак урыстәылатәи аиурист хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи рганахь ала асанкциақәа арҭбааит.

АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik. Украина амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи Рхеилак урыстәылатәи аиурист хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи рганахь ала асанкциақәа арҭбааит. Киев абри азы адырра ҟанаҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Украина амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи Рхеилак аӡбра инақәыршәаны Киев иагәҭакуп уаанӡа иалагалаз асанкциақәагьы рыҿҳәара иацҵахарц.

Абри аганахь ала Украина апрезидент Петр Порошенко аҳәамҭа ҟаиҵеит ахашаҽны.

"Иазгәасҭар сҭахуп уаанӡатәи ҳсанкциақәагьы ҳпартниорцәа: Евроеидгыла атәылақәеи Америкеи иаларгалаз асанкциақәа ишрышьашәалоу. Даар зыдҳәалоу ахимиатә бџьар ахархәареи закәандарыла Ҟрым аоккупациа азуреи роуп", — иҳәеит Порошенко.

Украина амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи Рхеилак урыстәылатәи аиурист хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи рганахь ала асанкциақәа арҭбааит. Украина амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи Рхеилак аӡбра инақәыршәаны Киев иагәҭакуп уаанӡа иалагалаз асанкциақәагьы рыҿҳәара иацҵахарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0