Агенетикцәа акьыбачымазара аиааира рыгәҭакуп

© Fotolia / Dan RaceДНК в капсуле
ДНК в капсуле - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаатәыҩсатә генқәа рҭагылазаашьа убасеиԥш ашьақәыртәара алшоит ауаҩы арадиациа, ахьҭа, ажәра иԥырхагамкәа.

АҞӘА, лаҵара 3 — Sputnik. Ауаатәыҩсатә генқәа рҭагылазаашьа убасеиԥш ашьақәыртәара алшоит ауаҩы арадиациа, ахьҭа, ажәра иԥырхагамкәа. Аха усеиԥш иҟоу ахацқәа роура жәабаҟа шықәса аҭаххоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Genome Project агенетикцәардыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аҵарауаа абри аан рхы иадырхәараны иҟоуп арҳәарахтә палачка ахац аԥышәа. Агенетикцәа ражәақәа рыла ахӡы аген 321 ԥсахра аҭан. Абриаҟара аныҟарҵа ашьҭахь ауп авирусқәа ԥырхагас иамоуа ианыҟала.

Ус шакәугьы ари аус аамҭа маҷымкәа изҭаху акоуп.

"Ауаҩытәыҩса иген аҿы ахӡы аиҭаԥсахра наӡахарц азы 400 000 рҟынӡа еиҭакра аҭахуп" — иҳәеит Гарвардтәи амедицинатә школ апрофессор Джорд Черч апорталу Stat аинтервиу аҭо.

Ауаатәыҩсатә генқәа рҭагылазаашьа убасеиԥш ашьақәыртәара алшоит ауаҩы арадиациа, ахьҭа, ажәра иара убасгьы акьыбачымазара иԥырхагамкәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0