Израиль Шьамтәыла иҟоу ирантәи арратә обиектқәа ирыжәлеит

© AP Photo Joseph NairИстребители F-16
Истребители F-16 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Израиль Шьамтәыла, дамаск аҩадатәи акалҭ аҿы иҟоу ирантәи арратә обиектқәа ирыжәлеит.

АҞӘА, лаҵара 10 — Sputnik. Израильтәа аҳаирпланқәа уахынлатәи аракетатә лахысра аҭакс Шьамтәыла иҟоу ирантәи арратә обиектқәа ирыжәлеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Арратә дырраҭарақәа рыла ара игылаз ирантәи аиҿкаара "Аль-Кудс" роуп.

Изыжәлаз обиектқәаны иҟоуп арратә лагерь, абџьаршьҭаҵарҭақәа, аԥыԥшырҭатә ҭыԥқәа.

"Иара убасгьы иҭархан Израиль излалахысыз аракета зықәгылаз автомашьына. Ирантәи аруаа ахархәара рырҭеит ареактивтә снариадқәа "Град" "Фаджр-5"", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Израиль арратә мчрақәа рофициалтә хаҭарнак Ионатан Конрикус аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла ралахысра аламҭалаз Урыстәыла адырра шарҭаз атәы.

Иара убри аан иазгәаҭан Израиль Ирани иареи реимак арӷыӷкра шагәҭакым, ааԥхьарагьы ҟаҵан Тегеран аганахь ала аҽынкылара аҭахны ишыҟоу азы.

Израильтәи аруаа аҳәамҭа ҟарҵеит Голантәи ашьхақәа рҿы игыло архәҭақәа ишрылахысыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0