ЕАШ акоалициа шьамтәылатәи ақыҭа иалалхысит

© Sputnik / Mikhail Voskresenskiy / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в районе лагеря беженцев Ярмук в южном пригороде Дамаска
Ситуация в районе лагеря беженцев Ярмук в южном пригороде Дамаска - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абу-Хамид араион иаҵанакуа ақыҭа Аль-Хамади иалахысны абомбақәа аларыжьит.

АҞӘА, лаҵара 14— Sputnik. ЕАШ зхадараҿы иҟоу Жәларбжьаратәи акоалициа рҳаирпланқәа Шьамтәыла, Абу-Хамид араион иаҵанакуа ақыҭа Аль-Хамади иалахысны абомбақәа аларыжьит. Иҭахеит быжьҩык аҭынчуааԥсыра ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Лаҵарамза алагамҭазы амаҵзура SANA аҳәамҭа ҟанаҵеит апровинциа Ель-Хасаке аиланхарҭа Аль-Фадель аҿы акоалициаа рҳаирпланқәа абомбақәа карыжьит ҳәа. Иҭахеит 25-ҩык иреиҵамкәа.

Акоалициа аамҭа-аамҭала аҭынч уааԥсыра зланхо аҭыԥқәа ирылахысуеит. Иҭахоит ауаа.

Дара акоалициа алахәылацәа ракәзаргьы мап рзацәкуам Шьамтәылеи Ираки имҩаԥыргаз алахысрақәа ирыхҟьаны 2014 шықәса раахыс 883-ҩык иреиҵамкәа аҭынчуааԥсыра шҭахахьо.

Ажәабжьқәа зегьы
0