Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа РИА Новости Украина аофис иақәлеит

Анапаҵаҩра
Украина урыстәылатәи ажурналистцәа аадырбуам. Убри инадҳәаланы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ОБСЕи Евроеидгылеи ртәылақәеи Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Киев аполитика ақәыӡбара арҭарц.

АҞӘА, лаҵара 15 — Sputnik. Украинатәи амчрақәа Ҟрымтәи ацҳа аусура алагара рзыхгом, иҟарҵогьы шьоуроуп ҳәа ахылҳәааит МИА "Россия сегоднеи" ателеканал RT рредактор хада Маргарита Симониан.

Автомобиль сотрудников Украинской полиции в Киеве. - Sputnik Аҧсны
Украина урыстәылатәи ажурналистцәа аадырбуам

Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа РИА Новости Украина аофис рақәлареи ажурналист Кирилл Вышенскии иаанкылареи ахҳәаа рыҭо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аофис мчыла иҩналеит, ҳусзуҩцәа рыҽҳамардом, асаит аус ауам, аҭелқәа ракәзаргьы аҭак ҟарҵом", — ҳәа лыҩуеит Симониан Twitter аҿы.

Аамҭақәак рышьҭахь лара иазгәалҭеит Вышинскии идукати УШәМ аҟны рҿахәы шырҿырхуа.

Аҩашаҽны Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа РИА Новости Украина аофис иақәлеит. Уинахыс ажурналистцәа рыҽрымадара ҟамлацт. Ашьыжь даанкылан амаҵзура ажурналист Кирилл Вышински.

Украинатәи амчрақәа изныкымкәа урыстәылатәи ажурналистцәа русура аԥынгылақәа азырухьан, атәыла алалара азинҟамҵарагьы абрахь иналаҵаны.

2017 шықәса рзы РИА Новости ажурналист Захар Виноградови МИА "Россия сегодня" афотокорреспондент Рамиль Ситдикови Евровидение афинал ахь аккредитациа шрымазгьы рнеира азин ҟанамҵеит.

2015 шықәса хәажәкырамзазы Киев, урыстәылатәи АИХқәа 115 русураз аккредитациа мап ацәнакит.

Ажәабжьқәа зегьы
0