Путин Ҟрымтәи ацҳа аартра ихы алаирхәит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в открытии Крымского моста
Президент РФ В. Путин принял участие в открытии Крымского моста - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟрымтәи ацҳа аргылара мҩаԥысуеит 2016 шықәса раахыс. Автомашьынақәа рныҟәара ахацыркра азыԥхьагәаҭан 2018 шықәса рзы, адәыӷбақәа рныҟәара – 2019 шықәса рзы. Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи еимаздо ацҳа аура 19 километра инаӡоит.

АҞӘА, лаҵара 16— Sputnik. Владимир Путин ихы алаирхәит Ҟрымтәи ацҳа автомабилтә хәҭа аартра ацеремониа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

КАМАЗ аԥсҟы кны Урыстәыла Ахада аидарамҩангага машьынақәа ҩеижәижәаба рхадараҟны дгылеит. Ари азырхан ацҳа аӷәӷәара агәаҭара.

Ацҳа ахархәара ишазырхиоу атәы изеиҭарҳәеит атранспорт азы аминистр инапынҵақәа назыгӡо Максим Соколови аилахәыра "СТРОЙГАЗМОНТАЖ" адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Аркади Ротенберги.

Ацҳа еиманадоит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи. Иара Европа иҟоу ацҳақәа зегь раасҭа иаууп (19 километр). Уаанӡа Португалиатәи Васко да Гама ицҳа зегь раасҭа иаууп ҳәа иԥхьаӡан (17,2 километра).

Ацҳа аргылара ахәԥса иартәеит 6,9 миллиард мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0