Ҟрымтәи ацҳа автомабилтә хәҭала аныҟәара хацдыркит

© Sputnik / Grigoriy Sisoev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие автомобильной части Крымского моста
Открытие автомобильной части Крымского моста - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Керчи Тамани рҟынтәи автомашьынақәа еиԥылеит ацҳаҿы.

АҞӘА, лаҵара 16— Sputnik. Ҟрымтәи ацҳа автомабилтә хәҭала аныҟәара хацдыркит Ҟрыми Ҟәыбани рықалақьқәа 20 рҟынтәи ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит апортал "Крымский мост". Автомашьынақәа ирышьҭагыланы имҩасуеит амотоциклистцәа.

Президент РФ В. Путин принял участие в открытии Крымского моста - Sputnik Аҧсны
Путин Ҟрымтәи ацҳа аартра ихы алаирхәит

"Ҳара ацҳа аартра акраамҭа ҳазыԥшын. Уи ныҳәак иаҳзаҩызоуп. Шьыжьнаҵы ҭаацәала ҳҽеибаркны амҩа ҳақәлеит. Ҳмашьынақәа ашарикқәеи абираҟқәеи рыла иҳарԥшӡеит", — ҳәа еиҭалҳәоит Кьерч инхо Марина Власова.

Уи илыциҳәоит Темриук инхо Евгени Овчинников.

"20 минуҭ рыҩныҵҟала Ҟрым инхо ҳауацәа рҟынӡа ҳнеиит. Уажәшьҭа саҳәшьа лахь есыҽны сцаларгьы ҟалоит. Уаанӡа амҩа 3-4 сааҭ ҳақәхон. Мызла ҳаибабомызт", — лҳәоит Тамантәи Ирина Крапивина.

Ацҳаҟны арццакыра 90 км. еиҳамзароуп. Амҩатә ԥҟаррақәа рхылаԥшразы иқәыргылоуп автоматтә комплексқәа 10.

Ажәабжьқәа зегьы
0