Донецктәи жәлар рреспубликаҿы дҭахеит "Пятнашка" акомандир Олег Мамиев

© Фото : ИБ "Пятнашка"Командир батальона "Пятнашка" Олег Мамиев
Командир батальона Пятнашка Олег Мамиев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Лугансктәи жәлар рреспубликеи Донецктәи жәлар рреспубликеи рҿы иҭахахьеит 10 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

АҞӘА, лаҵараа 18 — Sputnik. Донецктәи жәлар рреспубликаҿы дҭахеит абатальон "Пятнашка" акомандир Олег Мамиев ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Олег Мамиев "Мамай" ҳәа хьыӡшьараны измаз, ианашьоуп Донецктәи жәлар республика иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Мамиев дышҭахаз азы адырра ҟарҵеит аиҿкаара "Союз добровольцев Донбасса" асоциалтә ҳа "ВКонтакте" адаҟьақәа рҿы.

Глава Донецкой народной республики Александр Захарченко - Sputnik Аҧсны
Донбасс аиҭакзааразы закәан аҭак аиуеит

"Олег Мамиев фырхаҵак иҳасаб ала дҭахеит" ҳәа аҳәоит анҵамҭаҿы.

Олег Мамиев Донбассҟа Уаԥстәылантәи днеиит Киев аҳәынҭқарратә мчра анеиҭарк ашьҭахь. Деибашьуан, еиуеиԥшым аоперациақәа дрылахәын.

Донбасс иҭахахьеит еицырдыруаа командирцәа: Арсен Павлов (Моторола), Михаил Толстых (Гиви), Александр Беднов (Бэтмен), Алексеи Мозговои, Евгени Ишьченко (Малыш), Павел Дремов (Батиа).

2014 шықәса мшаԥымзазы украинатәи амчрақәа арратә операциа амҩаԥгара хацдыркит Лугансктәи жәлар рреспубликеи Донецктәи жәлар рреспубликеи рҿы. Абри аамҭала уа иҭахахьеит 10 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0