Скрипальраа зхәышәтәуаз аҳақьымцәа аинтервиу ҟарҵеит

© AFP 2023 / Chris J RatcliffeГоспиталь в Солсбери, где находятся Сергей Скрипаль и его дочь
Госпиталь в Солсбери, где находятся Сергей Скрипаль и его дочь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ГРУ уаанӡатәи аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи ахьырхәышәтәуаз Британиатәи Солсбери ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа Newsnight аҭыжьымҭа аинтервиу арҭеит.

АҞӘА, лаҵара 29— Sputnik. ГРУ уаанӡатәи аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи ахьырхәышәтәуаз Британиатәи Солсбери ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа Newsnight аҭыжьымҭа аинтервиу арҭеит. Дара ражәақәа рыла аԥхьазы рпациентцәа рыԥсы ҭаны иаанхап ҳәа иақәгәыӷуамызт.

Юлия Скрипаль - Sputnik Аҧсны
Иулиа Скрипаль Урыстәылаҟа ахынҳәра лҭахуп

"Аби аԥҳаи ирыҭаз анерв-паралитикатә маҭәашьар шакәыз анеилаҳкаа иаҳзеиқәырхап ҳәа ҳақәгәыӷуамызт. Ахәышәтәра аметодқәа зегьы ахархәара раҳҭеит", — иҳәеит ахәышәтәырҭа аинтенсивтә терапиа аҳақьым Стивен Джукс.

Ахәышәтәырҭахь инаргаз иреиӷьӡаз амедицинатә цхыраара раҳҭеит иҳәеит аҳақьым.

"Сгәы иаанагоит арҭ ауаа реиқәырхара абазатә интенсивтә терапиа шьахәны иахьроуз иадҳәалоуп ҳәа. Иара убасгьы дара ироуит агенеритикатә хәшәқәа – ҳаамҭазы иреиӷьу ҳәа ишьо. Аҳақьымцәеи амедицинатә еиҳәшьцәеи реицусура акәзаргьы алҵшәа бзиақәа ҟарҵеит", — ҳәа азгәеиҭеит аинтенсивтә терапиа аҟәша аҳақьым хада Дункан Миурреи.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.

Британиа ду Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы Урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

Госпиталь в Солсбери, где находятся Сергей Скрипаль и его дочь - Sputnik Аҧсны
Сергеи Скрипаль ахәышәтәырҭа дылырҩааит

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.

Уи ашьҭахь "Скрипаль иус" инадҳәаланы, ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәылаа консулра хада шадыркуеи рзы.

Иара убри аан иарбанызаалак Урыстәыла ахара ахаразтәыша ршаҳаҭга ыҟан иҟамызт.

Москва акәзар, имҩаԥысуа провокациоуп ҳәа ахнаҳәаауан. Владимир Путин иакәзар иазгәеиҭеит Урыстәыла ахимиатә бџьар амам ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0