Нетаниаху иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылан

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ.Путин встретился с Б.Нетаньяху
В.Путин встретился с Б.Нетаньяху - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нетаниаху иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылан, уи адагьы атеррористцәа иргәиҭан Иерусалим ахада Нир Баркати Канадатәи аделегациа ахаҭарнакцәеи ЕАШ аконсулра ахьыҩноу ахыбрақәеи рыжәлара.

АҞӘА, рашәара 6 — Sputnik. Израиль ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иаадырԥшит атеррористтә гәыԥ, атәыла Аԥыза-министр Биниамин Нетаниаху иҭархара зыгәҭакыз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Jerusalem Post адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аҭыжьымҭа иаҩуеит агәыԥ аусура Шьамтәылантәи ахырхарҭа арҭон, иара ахаҭа Мрагыларатәи Иерусалим иҟан ҳәа. Нетаниаху идагьы атеррористцәа иргәиҭан Иерусалим ахада Нир Баркати Канадатәи аделегациа ахаҭарнакцәеи ЕАШ аконсулра ахьыҩноу ахыбрақәеи рыжәлара.

Иаанкылоу рыгәҭа дыҟан уаанӡа ашәарҭадаратә маҵзура иааныркылахьаз, 30 шықәса зхыҵуа, ахҵәацәа рлагер аҟны инхо Мохаммед Џьамал Рашд.

Ажәабжьқәа зегьы
0