Ердоган Ирак абомбақәа алажьхар ҟалоит иҳәеит

© REUTERS / Yasin Bulbul/Presidential Palace Президент Турции Реджеп Тайип Эрдоган
Президент Турции Реджеп Тайип Эрдоган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу аҳәамҭа ҟаиҵахьан Ирак аҩадатәи ахәҭаҿы имаҷымкәа аобиектқәа ҭырқәтәылатәи аруаа рнапахьы инаргеит ҳәа. Иара иажәақәа рыла урҭ ирхықәку Курдистан аусутә Партиа ахьыҟоу Кандиль ашьхақәа рҵакыроуп.

АҞӘА, рашәара 8 — Sputnik. Анкара ирактәи арегионқәа: Кандиль, Синджар, Махмур ажәылара рырҭараны иҟоуп ирактәи амчрақәа Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдистан аусутә Партиа риааира алымшозар иҳәеит Ҭырқәтәыла Ахада Таип Ердоган ателеканал CNN Turk аинтервиу анеиҭоз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Багдад апроблема аҭышәныртәалара ҳалшом ҳәа рҳәар, Синджару, Кандилиа, Махмур рыжәлара ҳара иалҳаршоит", — иҳәеит Ердоган.

Курдистан аусутә Партиеи Ҭырқәтәылеи 2015 шықәсазы реимак ашьҭахь иҭахахьеит 900-ҩык рҟынӡа аруааи аполициауааи иара убасгьы 500-ҩык рҟынӡа аҭынч уааԥсыра.

Иара убри аамҭазы Атәылахьчара аминистрра адырраҭарақәа рыла иҭахахьеит Курдистан аусутә Партиа алахәылацәа 10 000-ҩык рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0