Македониа Ахада атәыла ахьӡ аԥсахра мап ацәикит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтраны мира. Македония
Страны мира. Македония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Георге Иванов иҳәоит иара игәаанагара иарбанызаалак акы ишеиҭанамырԥо.

АҞӘА, рашәара 14— Sputnik. Македониа Ахада Георге Иванов мап ацәикит Скопьеи Афини рыбжьара атәыла ахьӡ аԥсахразы аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Асеиԥш иҟоу аԥхасҭа ҟазҵар алшо аиқәышаҳаҭра сара анапаҵаҩра сгәы иҭаӡам. Иара анапаҵаҩра еиланагоит аконституциа. Азакәанқәа, аҳәынҭқарратә институтқәа. Аполитикатә хаԥышәара аргамара сақәшаҳаҭӡам", — иҳәеит иара амилаҭ рахь иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла астратегиатә хықәкқәа аспекулиациа рыдҟаҵалара мап ацәкызарц.

Аҩашаҽынтәи адыррақәа рыла атәылақәа рыҩба рԥыза-министрцәа еиқәышаҳаҭхеит Македониа аофициалтә хьӡы аԥсахразы. Иӡбан ахархәара аҭазарц ахьӡ Ареспублика Аҩадатәи Македониа.

Атәылақәа аҩба рыбжьара абри азҵаара аганахь ала аимак цоижьҭеи 25 шықәса ҵуеит. Иара аԥырхагоуп Македониа НАТО-и Евроеидгылеи рылалара. Афины агәыла-тәыла ахьӡ аԥсахра дҵаны иҟанаҵоит бырзентәыла ахәҭа Македониеи иареи реиҩдырааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0