Ҟазахсҭан адәыӷба арельсқәа ирныҵит

© Фото : КЧС МВД РККрушение поезда в Казахстане
Крушение поезда в Казахстане - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡәы дҭахеит хҩык еиуеиԥшым аахақәа рыманы ахәышәтәырҭаахь инаргеит апассаџьыртә дәыӷба "Байтерек" арельсқәа иахьырныҵыз иахҟьаны.

АҞӘА, рашәара 18 — Sputnik. Ҟазахсҭан, Жамбылтәи аобласт аҿы адәыӷба арельсқәа ирныҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Ҟазахсҭан АҶ реилак аофициалтә хаҭарнак Руслан Иманкулов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аӡәы дҭахеит хҩык еиуеиԥшым аахақәа рыманы ахәышәтәырҭаахь инаргеит апассаџьыртә дәыӷба "Байтерек" арельсқәа иахьырныҵыз иахҟьаны.

"20 вагон арельсқәа ирныҵит. Урҭ рҟынтәи хԥа ааҳәит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аӡәы дҭахеит хҩык еиуеиԥшым аахақәа рыманы ахәышәтәырҭаахь инаргеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҟазахсҭан АҶ реилак аофициалтә хаҭарнак Руслан Иманкулов.

Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз авидео аҿы иубоит ауаа адәыӷба аԥенџьырқәа рсаркьақәа ԥҽны ишҭыҵуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0