Египет ашьапылампылтә команда азыҟаҵаҩ ԥхьатәара дрышьҭыр алшоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФутбол. ЧМ-2018. Матч Россия - Египет
Футбол. ЧМ-2018. Матч Россия - Египет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Купер Египт еизго акоманда азыҟаҵаҩыс дыҟоуп 2015 шықәса раахыс. Аилаӡара аҿҳәара 2018 шықәса, рашәара 30 рзы инҵәоит.

АҞӘА, рашәара 20 — Sputnik. Аргентинауаҩ Ектор Купер зхадараҿы дыҟоу Египет ашьапылампыл азы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩцәа рыштаб ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ашьҭахь ԥхьатәара ирышьҭыр алшоит ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт Египеттәи ашьапылампылтә ассоциациа (EFA) адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Рамгар Маршан. - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҵарауаҩ ашьапылампыл аԥҟарақәа реиҭакразы ажәалагала ҟаиҵеит

Египтаа ркомандеи Урыстәылаа ркомандеи рашәара 19 рзы реицыхәмарраан Египет акоманда аҵахеит 3:1 ҳәа. Уаанӡа Уругваиааи дареи реицыхәмарраангьы 0:1 ҳәа иаҵахахьан. EFA анапхгара рашәара 25 рзы Волгоград имҩаԥысраны иҟоу Египети Саудтәи Аравиеи ркомандақәа реицыхәмарра ашьҭахь Ектор Купер зхадараҿы дыҟоу Египеттәи ашьапылампыл азы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩцәа рыштаб ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ашьҭахь ԥхьатәара ирышьҭыр алшоит ҳәа адыррақәа ыҟоуп.

Купер Египт еизго акоманда азыҟаҵаҩыс дыҟоуп 2015 шықәса раахыс. Аилаӡара аҿҳәара рашәара 30 2018 шықәса рзы инҵәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0