Киев азыхиоуп Вышински иԥсахра алацәажәара

© Sputnik / Stringer / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение апелляции по делу журналиста Кирилла Вышинского
Рассмотрение апелляции по делу журналиста Кирилла Вышинского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украинатәи РИА Новости аредактор хада Кирилл Вышински ихьӡ аным Украина атәылауаа роуразы ирыԥсахуа рсиа.

АҞӘА, ԥхынгәы 3— Sputnik. Киев иаанкылоу ажурналист Кирилл Вышинск иԥсахра алацәажәара иазыхиоуп, уи азы Урыстәыла аганахь ала азыҳәа ҟаҵахар, лҳәеит Украинатәи Арада аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Ирина Герашьченко, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

В Киеве убит журналист Аркадий Бабченко - Sputnik Аҧсны
Киев ажурналист Аркади Бабченко дыршьит

"Москва абир аҩыза азыҳәа ҟанаҵар, ҳаар уи ахәаԥшра ҳазыхиоуп" — лҳәеит Украинатәи Арада аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Ирина Герашьченко, ателеканал ICTV аҟны имҩаԥырго аполитикатә шоу "Свобода слова" аҿы.

Уаанӡа украинатәи амчрақәа 23-ҩык Урыстәыла атәылауаа рсиа рыларҳәахьан украинааи дареи реиҭныԥсахларазы, аха асиаҿы Вышински ижәла арбамызт.

Владимир Путин иакәзар, иҳәеит Украина ахада Петр Порошенкои иареи шалацәажәахьоу иаанкылоу ауаа реиҭныԥсахлара азҵаара, Вышинскигьы абрахь дналаҵаны.

Абри аус амҩаԥгара лнапы ианҵан Урыстәылаа уаҩы изинқәа рыхьчараз азинмчра змоу Татиана Москалькова.

Ажәабжьқәа зегьы
0