Урыстәыла Амзахь анеиразы амодуль аус адырулеит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛуна и самолет на закате.
Луна и самолет на закате. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акорпорациа РКК "Энергия" иазыԥхьагәанаҭоит Урыстәыла атәылауаҩ 2031 шықәса рзы Амзахь инагара.

АҞӘА, ԥхынгәы 4— Sputnik. РКК "Энергия" нап аланакит урыстәылатәи акосмонавт Амзахь дназго аппарат аус адулара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Амзатә комплекс атехникатә ҭеиҭԥш аус адулара иалагеит. Иара Амзахь анагараҿ ахархәара аҭахоит ахьанҭара змоу акласс иаҵанакуа аракета-мҩангаҩ" ҳәа аҳәоит акорпорациа аҳасабырбаҿы.

Иара убасгьы аҳасабырбаҿы иазгәаҭоуп амодуль ахәҭақәа жәларбжьаратәи Амзазааигәаратә станциа Lunar Orbital Platform — Gateway ахь заанаҵы рнагара. Уа дара еибырҭоит аекипаж Амзаҿ рыртәаразы.

2016-2025 шықәсазтәи Афедералтә космостә программа иазыԥхьагәанаҭоит 2025 шықәсазы Амза инарҭбааны аҭҵаара азура, 2030-2031 шықәсқәа рзы урыстәылатәи акосмонавт Амзаҿ иртәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0