Америка асанкциақәа рцынхәрас Китаи абаџьқәа аланагалоит

© Fotolia / AlexkichНадпись "санкции", сложенная из кубиков между флагами США и России
Надпись санкции, сложенная из кубиков между флагами США и России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
КЖәР акоммерциа аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Америка ВТО аԥҟаррақәа еиланагеит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik. Китаи Америкатәи атауар абаџьқәа ақәнаҵоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Китаи аҳазалхратә усбарҭа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ааигәа Еиду аштатқәа ртәылахь инарго китаитәи атауарқәа 818 хкы абаџьқәа шрықәырҵо атәы рҳәеит. Иааидкыланы уи иартәоит 34 миллиард доллар.

Флаг США на фоне эмблемы Китая - Sputnik Аҧсны
Китаи Америка ахәаахәҭратә хыдҵақәа нанагӡом ҳәа иашьоит

"Абри аҭакс Китаи иара убри амш аҽны америкатәи атауарқәа атәылахь ралагалараан 25% абаџь рықәнаҵеит", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Дональд Трамп Иусбарҭа Аконгресс ахь азакәан ҿыц апроект наишьҭит. Уи апроект иалнаршоит Вашингтон Адунеизегьтәи ахәаахәҭратә еиҿкаара (ВТО) адҵаҟаҵарақәа хырыҩ рыҭара.

Адокумент рыдыркылар Америка Ахада иоуеит азин ганкахьала аимпорттә тауарқәа ишиԥхьаӡо еиԥш абаџь рықәҵара. Уи азы аконгресс ақәшаҳаҭра аҭахханы иҟалом.

Аконгресс аҿынтә ишырҳәо ала асеиԥш иҟоу азакәан апроект адкылара ЕАШ аиҿкаара алҵра иаҩызоуп.

ЕАШ ахәаахәҭратә хаҭарнак Роберт Лаитхаизер иакәзар америкатәи абаџьқәа азакәан шьаҭа рымоуп ииашоуп ҳәа иазиԥхьаӡоит. Иара игәаанагарала дара амилаҭтә шәарҭадара аиҿкаара иазырхоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0