Ԥшьҩык ашколхәыҷқәа Тхам Луанг аҳаԥы иҭыгоуп

© AP Photo Sakchai LalitСпасатели с водопроводной трубой в время спасательной операции у пещеры в Таиланде
Спасатели с водопроводной трубой в время спасательной операции у пещеры в Таиланде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
13-ҩык аӡаҵаҟаеиқәырхаҩцәеи хәҩык аԥышәа змоу аӡсаҩцәеи аҳаԥы ихәыҵалеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 — Sputnik. Таиланд аҩадатәи аган аҿы аҳаԥы Тхам Луанг иҭахаз 12-ҩык ашколхәыҷқәеи ашьапылампыл азы разыҟаҵаҩи реиқәырхараз аоперациа иалагеит, уажәтәи аамҭазы ԥшьҩык аҳаԥы иҭыгоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости телеканал Thai PBS адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

 Урҭ уажәы ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

 Аҳаԥаҿы иҷаԥшьо аҳақьымцәа ишырҳәо ала ахәыҷқәа ргәы каҳаны иҟам, урҭ рыҩныҟақәа рахь ишыгьыжьуа агәра ргоит.

 Аҳаԥы Тхам Луанг аҿаԥхьа игылоуп 13 цхыраара-ласы.

 Арыцҳара ҟалеит рашәара 23 рзы. Аҳаԥы Тхам Луанг иҭалаз ахәыҷқәеи разыҟаҵаҩи иаалырҟьан аӡы ахьышьҭыҵыз иахҟьаны аҳаԥы ихәыҵахеит. Дара рыԥсы ҭоуп аха рымчқәа маҷуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0