Асоциалтә ӡыргараз аиндаҭлара "Импульс" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдыркылоит

© Sputnik / Владимир ТрефиловСтатуэтка конкурса государственной социальной рекламы "Импульс"
Статуэтка конкурса государственной социальной рекламы Импульс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә ӡыргараз аиндаҭлара "Импульс" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдыркылоит жьҭаара 14 2018 шықәса рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik. Асоциалтә ӡыргараз аиндаҭлара "Импульс" ахәбатәи аиубилеитә сезон аанартит амедиогәыԥ "Россия сегодня" ашәахьаҽны, ԥхынгәы 9 рзы. Абри атәы аанацҳауеит "Россия сегодня" апресс-маҵзура.

2018 шықәсазтәи аиндаҭлара ахы акит аиндаҭлара асаит аҿы. Иара рҽаладырхәыр алшоит Урыстәылеи ИАР атәылақәеи рҳәынҭқарратә мчрақәа рорганқәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәеи иара убасгьы дара ишьаҭаркыз икоммерциатәым аиҿкаарақәа, асоциалтә темақәа аус рыдызуло. Арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит 2018 шықәса жьҭаара 14 рҟынӡа.

Сынтәа аиндаҭлара алахәылацәа аа-номинациак рыла аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргара рҽазыршәоит. Арахь иаҵанакуеит видеоӡыргара, аудиоӡыргара, адәахьтәи аӡыргара, аинтернет-ӡыргара, аӡыргаратә плакат, аӡыргаратә буклет, аӡыргаратә кампаниа, аӡыргаратә ҽазышәара.

""Импульс" алахәылацәа ирыдыргалоит иҷыдоу аноминациақәа быжьба: — "Гран-при", "Трендсеттер года", "Признание Интернет", "Наш характер", "Будь здоров!", "Дети – наше все", "Безопасная езда".

Аиндаҭлараҿ аиааира зго алыркаауеит аексперттә жиури. Иреиӷьу аҳәынҭӡыргара алыркаар рылшоит Рунет ахархәаҩцәагьы. Уи азы 2018 шықәса абҵарамзазы аиндаҭлара асаит аҿы убжьы уҭир алшоит. "Импульс" алауреат ҿыццәа аԥхьахәқәа рыҭахоит Москва, ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы.

Аиндаҭлара ажиури ахантәаҩыс далхуп МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев.

"Сынтәа аиндаҭлара "Импульс" раԥхьатәи аиубилеитә шықәс иаԥылоит. Хәышықәса ахыҵуеит. "Импульс" асоциалтә ӡыргара аҵакыраҿы егьырҭ аиндаҭларақәа ирываҟәало иҟоуп. Иара ацхыраарала ҳаԥсҭазаарақәа еиҳа ишәарҭаданы, иманшәаланы ишьақәҳаргылоит. Асоциалтә ӡыргара ауаажәларра еиднакылоит" ҳәа иҳәоит Киселев.

К участию в конкурсе Стенина присоединились новые страны - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлараҿ ииааиз рыхьӡ ҳәоуп

Импульс — аҳәынҭқарратә социалтә ӡыргара аиндаҭлароуп. Иара хықәкны иамоуп асоциалтә проблемақәа ауаа рызхьарԥшра. Аиндаҭлара ажиури ахантәаҩыс далхуп МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев.

МИА "Россия сегодня" —жәларбжьартә медиагәыԥуп. Иара иахықәкы хаданы иҟоуп адунеи аҟны иҟало ахҭысқәа ишәаны-изаны раарԥшра, еиуеиԥшым агәаанагарақәа азыӡырыҩцәа рызнагара, аҽаӡә имырзогьы абрахь иналаҵаны.

МИА "Россия сегодня" рхаҭарнакуп еицырдыруа аинформациатә маҵзурақәа: РИА Новости, Р-Спорт, РИА Недвижимость, Прайм, РИА Рейтинг, ИноСМИ.

Ажәабжьқәа зегьы
0