Аҵыхәтәантәи ашәышықәсабжаз иреиӷьу ашәҟәы ахьӡ ҳәоуп

CC0 / / Стопка книг на столе
Стопка книг на столе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиӷьу ашәҟәы алыркаауан ажиури ракәымкәа, аԥхьаҩцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 10— Sputnik. Канадатәи ашәҟәыҩҩы Маикл Ондатже ироман "Английский пациент" иҷыдоу аԥхьахә "Золотой Букер" иалауреатхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Апремиа "Золотой Букер" аиуразы иқәыргылахоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы адунеиаҿ еицырдыруа букертәи апремиа заухьоу ашәҟәқәа, аха уи анашьараан аԥхьаҩцәа рыбжьыҭироуп хадара зуа.

Ахыркәшаратә сиаҿ ианын алитературатә рҿиамҭақәа хәба: Маикл Ондатже ироман "Английский пациент" (1992 шықәсазтәи аԥхьахә зауз) Хилари Ментел лроман "Волчий зал" (2009, 2012 шықәсқәа рзы аԥхьахә зауз), Пенелопа Лаивли лроман "Лунный тигр" (1987 шықәсазы аԥхьахә зауз), Џьорџь Сондерс ироман "Линкольн в бардо" (2017 шықәсазтәи аԥхьахә зауз), Видиадхар Наипола ироман "В свободном государстве" (1971 шықәсазы аԥхьахә зауз).

Абжьыҭира ашьаҭхь "Английский пациент" егьырҭ аԥшь-романк ираԥнагеит. Аԥхьаҩцәа ргәаанагарала, аҵыхәтәантәи 50 шықәса рыҩныҵҟа ари иреиӷьу романуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0