Еимсбери ашҳам зцәа иалалаз ахаҵа ихдырраҿ дааит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУказатель окружной больницы Солсбери
Указатель окружной больницы Солсбери - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз амҽышазы Еимсбери ахәышәтәырҭа иҭашәаз ҩыџьа ауаа рҟынтәи аӡәы, Дон Стерджесс лыԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 — Sputnik. Ииасыз амҽышазы Еимсбери ахәышәтәырҭа иҭашәаз ҩыџьа ауаа рҟынтәи аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. Британиа атәылахьчара аминистр Гевин Уилиамсон Москва ахара ахареиҵеит иԥсыз аԥҳәыс анерв-паралитикатә шҳам лцәа алалара зыхҟьаз урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа роуп ҳәа.

Ахәышәтәырҭа иҭашәаз егьи ауаҩԥсы уажәазы ихдырра хынҳәит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иара убри аан аҳақьымцәа ишырҳәо ала, ахаҵа иҭагылазаашьа макьаназ акыр иуашәшәыроуп.

Полицейское оцепление в городе Солсбери после госпитализации бывшего полковника ГРУ Сергея Скрипаля - Sputnik Аҧсны
Солсбери ахәышәтәырҭахь инагоуп ишҳамырку ҩыџьа ауааԥсыра

2018 шықәса, ԥхынгәы 5 рзы Англиатәи аграфра Уилтшир аполициа Солсбери ақалақь ааигәара иҟоу Еимсбери аҟны ахәышәтәырҭахь инаган "ишьақәыргылам амаҭәашьар зныруа" ҩыџьа ауааԥсыра. РИА Новости адыррақәа рыла, асабша ахәылбыҽха аполициа адырра роуит аҩнқәа руак аҟны зыхдырра ыҟам ахаҵеи аԥҳәыси шырбаз азы.

"Аԥхьатәи агәаанагарала ахаҵеи аԥҳәыси ирныруаз агероин ма акокаин роуп ҳәа ишьан. Аха иҟаҵаз анализқәа рышьҭахь иахәаҭны иԥхьаӡан ашҳам ашьақәырӷәӷәара шаҭаху. Имҩаԥгаз аусурақәа рышьҭахь ишьақәҳаргылеит ахаҵеи аԥҳәыси уаанӡа Солсбери ақалақь аҿы ГРУ уаанӡатәи аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи ирыҭаз ашҳам "Новичок" рцәа ишалоу", — ҳәа иҳәоит Скотланд-Иарда ахада Нил Басу.

Иара убри аан урҭ ари ашҳам рцәа ишалалаз атәы ҳәамызт.

Басу иажәақәа рыла, ашьақәыргылара аҭахны иԥхьаӡан Солсберии Еимсберии рыхҭысқәа аимадара рымоуи ирымами.

Аусҭҵаара напаларкит. Иара иадыԥхьалан 12 ҟәша ҷыда.

Ажәабжьқәа зегьы
0