Бельгиа актәи ахаҿқәа Трамп иԥылара аасҭа ашьапылампыл аԥыжәара арҭеит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФутбол. ЧМ-2018. Матч Франция - Бельгия
Футбол. ЧМ-2018. Матч Франция - Бельгия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иацы, ашьапылампыл азы адунеи Ачемпионат аҟны имҩаԥысуан афиналбжатә хәмарра Бельгиеи Франциеи еизгоу ркомандақәа рыбжьара.

АҞӘА, ԥхынгәы 11– Sputnik. Америка Ахада Дональд Трамп Бриуссель инеираан Бельгиа актәи ахаҿқәа аӡәгьы диԥымлеит. Бельгиа Аԥыза-министр, Адәныҟатәи аусқәа рминистр, акрал – зегьы ашьапылампыл иахәаԥшуан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Бельгиа акрал Филипп Санкт-Петербург дыҟан. Ароуп иахьеиԥылоз Бельгиеи Франциеи еизгоу ркомандақәа. Бельгиатәи акрал иофициалтә Twitter аҟны икьыԥхьын ахәмарра аламҭалаз иҭыхыз акрали иԥшәмаԥҳәыси рфотосахьа.

Игрок сборной Португалии Криштиану Роналду. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Роналду "Иувентус" ахь диасыр ҟалоит

Бельгиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дидье Реиндерс иакәзаргьы Санкт-Петербург дыҟан.

Бельгиа Аԥыза-министр Шарль Мишель аҩашаҽны валлонтәи акоммуна Брен-ле-Конт ахь дцеит ахәмарыҩцәа адгылара рыҭаразы. Уоуп дахьынхо акоманда ажәылаҩ Еден Азар.

​Бриуссель инеиз Трамп иԥылеит атәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥкаанҵатә маҵзура аиҳабы Франсуаза Гиустен, Бельгиа иҟоу Америка Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Рональд Гидвитц, НАТО иҟоу Америка ахаҭарнак Кеи Беили Хатчинсон, Евроеидгыла иҟоу Америка ахаҭарнак Гордон Сондланд.

Ахәмарра хыркәшахеит 1:0 ҳәа Франциа аиааирала.

Ажәабжьқәа зегьы
0